"Ҳҩызцәа, ҳақәлацәа иҳацәцаз рацәоуп, урҭ ргәаларшәара цәгьоуп. Ажәылараан ҳаиҵазырхаз иаҳзымааз ҳаибашьцәа роуп. Ҳацәгьаӡамызт, ԥыҭк ҳнаскьеит, аха иамуит. Ҳара Замостианкатәи абаталион аибашьцәа ҳрыцын, Ачадара асаркьа ахьгылоу аҭыԥаҿ иҳакәшан ҳаркит. Ҩымш убра ҳтәан, уа ҳахьынӡаҟаз акгьы ҳмаахеит, шьҭахьҟа ҳанхьаҵуаз ауп ҳаҷкәынцәа ԥыҭҩык ҳцәыӡит, ԥыҭҩык анышә иаҳҭеит. Сара салызгаз Роман Барцыц иоуп, иара аӡы сыригеит, ибзоураны сыԥсы еиқәхеит. Есышықәса Гәымысҭа ацҳаҿы ҳаиқәшәоит, иҭахаз ҳҩызцәа ҳгәалаҳаршәарцаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Арӡынба.
1993 шықәса март 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.