Арадио

Џьынџьал: Тҟәарчал араион аҿы амармалташьтә пты маҷхеит

Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Амиран Џьынџьал арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты адкыларазы раԥхьатәи алҵшәақәа зеиԥшроу. 
Sputnik
Џьынџьал: Тҟәарчал араион аҿы амармалташьтә пты маҷхеит

Ҳазҭоу амзазы ҳтәылаҟны амармалташьтә пты адкылара хацыркуп. Кьылак азы зықь мааҭ ршәоит.

"Тҟәарчал араион аҟны апты анырҵәаразы ҭагалан аусурақәа мҩаԥган. Сынтәа аптқәа маҷуп. Ажәлар ирылаҳҳәеит аԥара шахыршәаауа, аха уажәы иҟаӡам аптқәа. Иааизакны 5-6 кьыла раҟара рыԥшааит. Апты адкылара еиҿкаауп Тҟәарчал аџьармыкьаҟны есхәаша, амза нҵәаанӡа", - иҳәеит Џьынџьал.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.