Евроеидгыла Ҟрымтәи ареферендум алҵшәақәа аднакылом

Урыстәыла адларазы Ҟрым имҩаԥгаз ареферендум хәышықәса ахыҵра инадҳәаланы Евроеидгыла алаҳәара ҟанаҵеит уи алҵшәақәа шазханамҵо азы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik. Урыстәыла адларазы Ҟрым имҩаԥгаз ареферендум хәышықәса ахыҵра инамаданы, Евроеидгыла алаҳәара ҟанаҵеит уи алҵшәақәа шазханамҵо азы.

Аексперт Ҟрым аганахьала ООН иаднакылаз арезолиуциазы: баша цәажәароуп

2014 шықәса рзы адгьылбжьахалаҿ имҩаԥысыз ахҭысқәа "жәларбжьаратәи ашәарҭадара ҵнашәаауеит, Керчтәи аӡыбжьахалеи Азовтәи амшыни рҿы аибарххарақәа аԥнаҵоит" ҳәа ахҳәаан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Евроеидгыла уаанӡеиԥш ЕАР аҳәынҭқарра-лахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, ЕАР Ассамблеиа хада арезолиуциа 68/262 инақәыршәаны, азхамҵаразы ауснагӡатәқәа рыдыркылаларц", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

Аҳәамҭаҿ иара убасгьы иазгәаҭоуп адгьылбжьахалаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа акыр иԥкуп, ҟрымтәи аҭаҭарцәагьы ирықәымчуеит ҳәа.

ООН Ассамблеиа хада Ҟрым аганахьала асанкциақәа аднакылеит

Уи адагьы, Бриуссель Москва ааԥхьара анаҭеит "2018 шықәса абҵарамзазы Урыстәыла аҳәааҿ иаанкылаз украинатәи аамшынуаа рхы иақәиҭнатәырц".