Аексперт Ҟрым аганахьала ООН иаднакылаз арезолиуциазы: баша цәажәароуп

Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи арратә експерт Игор Коротченко далацәажәеит Урыстәыла Ҟрым ахьчара зеиҿнакаауа арратә агрессиа аҽацәыхьчараз ауп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik. Урыстәылатәи арратә експерт, Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы ауаажәларратә хеилак алахәыла Игор Коротченко ахҳәаа аиҭеит Ҟрым аганахь ала ООН Ассамблеиа хада иаднакылаз арезолиуциа.

Заседание Генассамблеи ООН - Sputnik Аҧсны
ООН Ассамблеиа хада Ҟрым аганахьала асанкциақәа аднакылеит

Аексперт иазгәеиҭеит Урыстәыла Ҟрым бџьарла аиқәныхра шагәҭакым, арахь иаагоу аҳауаҽацәыхьчаратә система С-400 акәзар, ҽыхьчаратә комплекс мацараны ишшьатәу, арратә агрессиа аҽацәыхьчара ишазырхоу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҟрым амилитаризациа азууп ҳәа аҳәара иашам. Амшынеиқәатә флот акәзар, уа игылан адгьылбжьаха Украина ианатәызгьы. Иҿыцны уахь инагоу аҳауаҽацәыхьчаратә система С-400 ауп. Асистема Ҟрымтәи ацҳаи иааидкылан арегиони рыхьчароуп иззырхоу", — ҳәа иҳәоит Коротченко.

Аексперт иара убасгьы иҳәеит арезолиуциа баша цәажәараны ишыҟоу.

"Ҟрым ҳтәыла иузаҟәымыҭхо хәҭоуп. Иара ахьчаразы иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа зегь мҩаԥгахоит", — иҳәеит иара.

Абри аҩыза агәаанагара имоуп Урыстәыла атәылахьчара аминистрра жәларбжьаратә-еиқәышаҳаҭра Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы, аинрал-леитенант Евгени Бужинскигьы.

"ООН Ассамблеиа хада арезолиуциа иарбанызаалак мчрак амам, адекларациатә ҟазшьоуп иамоу", — иҳәеит иара.

ООН Ассамблеиа хада Украина ирыднагалаз Ҟрыми Севастополи иара убасгьы Амшынеиқәа ахәҭаки Азовтәи амшыни рмилитаризациазы арезолиуциа аднакылеит. Адокумент Урыстәыла иаҿагылоит. Иара иадгылеит 66 тәыла, иаҿагыланы рыбжьы рҭиит 19 тәыла, абжьыҭира рҽацәхьаркит – 72 тәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0