Ерика Кәарҷиаԥҳа аԥкьаҭ асразы Урыстәылатәи аиндаҭлара лҽалалырхәуеит

16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара Приволжиатәи Афедералтә округ аԥкьаҭ асразы хаҭала-командатә еиндаҭлара мҩаԥысит хәажәкыра 15-17 рзы, Чебоксары.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Ерика Кәарҷиаԥҳа аԥкьаҭ асразы Урыстәылатәи аиндаҭлара лҽалалырхәуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилак аофициалтә саит.

Ерика Кәарҷиаԥҳа Самаратәи аобласт аҿтәи аиндаҭлараҿы аиааира лгеит

Ерика Кәарҷиаԥҳа Самаратәи аобласт акоманда далахәны дықәгылан. Аиндаҭлара аихшьаалақәа рыла, акоманда алахәылак лаҳасаб ала актәи аҭыԥ аанылкылеит, хаҭалатәи лықәгыларала – ахԥатәи аҭыԥ. Убри иабзоураны Урыстәыла ачемпионат ахь ацәырҵразы алшара лоуит.

Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа ахада, Ерика лазыҟаҵаҩ Беслан Қарчаа иажәақәа рыла, Ерика Урыстәыла аиндаҭларахь апутиовка лоуит. Уаҟа аԥхьахәтә ҭыԥқәа лгар, иҟалоит Европа имҩаԥысуа аиндаҭларахь лымҩа аатыргьы.

16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара Приволжиатәи Афедералтә округ аԥкьаҭ асразы хаҭала-командатә еиндаҭлара мҩаԥысит хәажәкыра 15-17 рзы, Чебоксары.

Ирена Адлеиԥҳа самбо азы аиндаҭлараҿ аиааира лгеит

Аиндаҭлара иалахәын Урыстәыла арегионқәа 13 рҟынтәи 230 спортсмен.