Апоет, арҵаҩы, адепутат: иԥсҭазаара далҵит Иура Ԥкьын

Апоет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара занашьаз Иура Ԥкьын иԥсҭазаара дахьалҵыз инамадан Аминистрцәа реилазаара иаԥнаҵеит акомиссиа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апоет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Иура Ԥкьын иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 18 рзы.

Иура Ԥкьын диит 1946 шықәса рзы, Блабырхәа ақыҭан. Абжьаратә школ далгеит 1966 шықәса рзы. Иара убри ашықәс азы дҭалеит Максим Горьки ихьӡ зху Горькитәи арҵаҩратә институт.

"Иԥсҭазаара далҵит апоет, апатриот, ауаажәларратә усзуҩ, аҟыбаҩ ҷыда злаз ҳҩыза бзиа Иура Ԥкьын", - иҳәоит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.

1973 шықәса рзы иҵара хыркәшаны аусура далагеит Мысратәи ашкол-интернат аҿы ааӡаҩыс. Аус иуан Блабырхәатәи ашкол адиректорс, Мысратәи аиланхарҭатә хеилак ахантәаҩыс, аиланхарҭа ахадара аиҳабыс.

Лагәлаа: Џьума Аҳәба ҳлитератураҿы инижьит аибашьра иазку аҩымҭа дуқәа

Иура Ԥкьын поет бзиан, длирикын, акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа ҭижьхьан, 2003 шықәса рзы Ассоциациа анаԥҵаха инаркны, аилазаара далан.

1998 шықәса раахыс иура Ԥкьын Гәдоуҭа араионтә еизара хынтәны ахантәаҩыс далырххьан. Ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара, иажәеинраалақәа "XX ашәышықәсазтәи аԥсуа поезиа антологиа" иалоуп.

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу иазгәеиҭеит Иура Ԥкьын иҟамзаара аԥсуа литература ианыԥшраны иҟоуп ҳәа.

"Иура Ԥкьын илагала дуун амилаҭтә литературазы. Иԥсҭазаара иалҵра даараӡа ҳгәы ҳнархьит. Иара, раԥхьа иргыланы, дпоетын. Ихатә стиль иман. Абызшәа, аҵас, ақьабз рызҵаара азхьаԥшра ду аиҭон", - иҳәоит иара.

Апоет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Иура Ԥкьын иԥсыжра аиҿкааразы Аминистрцәа реилазаара иаԥнаҵеит акомиссиа.