Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсны алырхуеит

2018 шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны иаҭааит 4,5 миллионҩык урыстәылатәи атуристцәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит 2018 шықәса рзы урыстәылатәи атуристцәа иргәаԥханы изҭаауа атәылақәа рреитинг аҿы. Абри атәы аанацҳауеит аналитикатә маҵзура ТурСтат.

Реиҳа аԥсшьара ахьымариоу атәылақәа рреитинг Аԥсны алашәеит

Актәи аҭыԥ ннакылеит Ҭырқәтәыла. Ҭырқәтәыла иаҭаауа рхыԥхьаӡара 2018 шықәса рзы 27 процент рыла еиҳахеит.

Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыда аԥхьатәи ахәба ирылашәеит:

• Финлиандиа - 3,36 миллионҩык,

• Ҟазахстан – х-миллионҩык,

• Украина - 2,29 миллионҩык.

Ареитинг ахь иаҵанакит иара убасгьы: - Китаи, Естониа, Германиа, Португалиа, Таиланд, Иапониа.

Аналитикцәа ишырыҩуала урыстәылатәи атуристцәа 2018 шықәсазы аҳәаанырцәҟа ицаз рхыԥхьаӡара иартәеит 42 миллион.