Ахныҟәгага еиҵа инеиҳаны атәанчахәқәа рышьақәыргылара атәы иалацәажәеит

Хәажәкыра 21 рзы ахныҟәгага еиҵа инеиҳаны атәанчахәқәа рышьақәыргылараз азакәан рыдыркылеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Ахныҟәгага еиҵа инеиҳаны атәанчахәқәа рышьақәыргылараз азакәан рыдыркылеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иазгәаҭоуп, аԥҟарра ҿыцқәа инарықәыршәаны аԥхьа атәанчахәы асоциалтә шәарацҵа шышьақәыргылахо, нас – ишымҩаԥгахо атәанчахәытә индексациа.

Аџьба: атәанчахәы ацҵаразы аус зуа зегьы аарԥштәуп

Абасала, аус зымуа атәанчаҩцәа есышықәса ахныҟәгага еиҵа аҩаӡара ртәанчахәы еиҳахартә аиндексациа рзыҟаҵалахоит.

Аԥҟарра ҿыцқәа инарықәыршәаны аиҭаԥхьаӡарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп 2019 шықәса рзы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны қәрала атәанчахәы роуеит 65 шықәса зхыҵыз ахацәеи 60 шықәса зхыҵыз аҳәсеи.

Урыстәылатәи азакәанԥҵара аиҭакрақәа рахь иаҵанакуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы инхо Урыстәыла атәылауаа аха Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атәанчахәыәт еиқәыршәара аганахь ала аиқәшаҳаҭра ахьыҟам иахҟьаны 1991 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Аԥсны аҵакыраҿы аусуратә аамҭа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарраҿы аусуратә аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп.