АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент аҿы аҳәаанырцәуаа Аԥсны анхараз рзин абаџь ахышәа-ҵышәа шьақәдыргылеит.
"Аҳәынҭқарратә баџь азы" азакәан аԥсахрақәа адепутатцәа ирыдигалеит Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.
"Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзакәантә статус азы азакәан аҿы иҳәоуп адокументқәа реиқәыԥхьаӡа анагараан хымԥада ирыцзар шакәу аҳәынҭқарратә баџь шыршәаз азы аршаҳаҭга. Аха уаанӡа ирыдыркылахьаз аҳәынҭқарратә баџь азы азакәан аҿы абаџь ахышәа-ҵышәа арбам. Ажәалагала ҟасҵоит аҳәынҭқарратә баџь 600 мааҭ иҟазаарц азы", - ҳәа иҳәеит Шамба.
Уаанӡа анхараз азин азы ишәалатәын 60 мааҭ.