Артилерристцәа "аӷа" иԥшыхәцәа ндырҵәеит

Аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа рхархәара иалнаршеит ахықәкқәа рҭархара еиҳа рырманшәалара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа иҭадырхеит зҽыҵәахны иҟаз "аӷа" иԥшыхәырҭатә ҭыԥқәа ҳаамҭазтәи аԥырҩы дызмам ахархәагақәа "Орлан", "Застава", "Гранат" рхархәарала ҳәа адырра ҟаиҵеит Аладатәи арратә округ апрес-маҵзура ахада.

Аԥырҩы дызмам ахархәагақәа анапхгараҭаратә ҭыԥ ахь аинформациа нарышьҭуан 1500 метра аҳаракыраҟынтәи.

Иазгәаҭоуп уахынлагьы ҽынлагьы еилыхрада афотоқәа, аинфроҟаԥшьы модульқәа, авидеомодульқәа рхархәарала урҭ ахархәагақәа ишрымо алшара "аӷа" иобиектқәа рбара. Убри аан дара рыҟазаара узгәаҭом.

500-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа злахәыз аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигон Ҵабал аҿы. Ахархәара рыҭан 100 инареиҳаны арратә техника.