АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба 61 шықәса ихыҵра идырныҳәалеит иколлегацәа.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба изеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара.
"Агәра згоит ԥхьаҟатәи ҳусеицуреи ҳаинырреи ишрыцҵахо, Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара астратегиатә партниорра аҿиара шаиуа", - ҳәа аҳәоит Владимир Путин иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы Рауль Ҳаџьымба илагала атәы азгәеиҭеит Ареспублика Арцах ахада Бако Саакиан.
"Акраамҭа аҳәынҭқарраҿы аҭакзыԥхықәу анапынҵақәа нагӡо, шәара шәхы-шәыԥсы азышәкит Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵ азура. Шәара шәнапхгарала Аԥсны ажәлар рыбзазара аиӷьтәра амҩа иануп", - ҳәа азгәеиҭоит Арцах ахада.
Аҟәеи Цхинвали реизыҟазаашьа аӷәӷәара дазааҭгылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов.
"Ааҧсарадеи хықәкылеи Шәара имҩаҧыжәго аусура иабзоураны Аҧсны аҳәынҭқарратә ргылареи асоциалтә-економикатә усхки рыҟны аихьӡара ҿыцқәа аиуит. Аҕәҕәахара, аҭбаахара иаҿуп жәларбжьаратәи аимадарақәа, еиуеиҧшым апроектқәа рыла аусура мҩаҧысуеит, ирыдкылоуп акрызҵазкуа аполитикатә ӡбамҭақәа. Сара агәра згоит, наҟ-ааҟ ҳамчқәа реибыҭара иабзоураны традициала ишьақәгылаз ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы аҿиара бзиа шроуа аиашьара зыбжьоу ҳажәларқәа реизҳазыҕьара ахьӡала", - ҳәа дазааҭгыланы иазгәеиҭоит Бибилов.
Аԥсны ахада дидныҳәалеит Урыстәыла аиҳабыра рхада Дмитри Медведев.
Рауль Ҳаџьымба диит 1958 шықәсазы хәажәкырамза 21, Аҧснытәи АССР Тҟәарачал ақалақь аҿы. Далгеит Тҟәарчалтәи абжьаратәи ашкол №5. 1979 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет (ААУ) аҭоурых-зиндырратә факультет аҟны аҵара иҵон. 1985–1986 шықәсқәа рзы СССР Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә еилакы (Минск) аҧышәаиуразы Иреиҳаӡоу ашкол далгеит. 1992 шықәса нанҳәамза инаркны 1993 шықәса жьҭаарамзанӡа Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт аҧшыхәра маҵзура напхгара аиҭон. Аибашьраҿы илшамҭақәа рзы Аҧсны Ахада В. Арӡынба 1995 шықәса рашәарамза 30 рзы иҭыҵыз иусҧҟала Леон иорден ианашьан.
2014 шықәса цәыббрамза 25 рзы официалла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура ааникылеит.