Украина Аԥсны атәылауаа хҩык рганахь ала асанкциақәа аланагалеит

Украина асанкциақәа аланагалеит 294 иуристтәи 848 хатәхаҿи рганахь ала. Абри асиахь иаҵанакит Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы наԥшыхәҩыс иҟаз Аԥсны атәылауаа хҩык.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Украина амилаҭтә шәарҭадаратә маҵзуреи атәылахьчара аминистрреи асанкциақәа аларгалеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олега Аршба рганахь ала.

Украина ахада Пиотр Порошенко Иусԥҟа кьыԥхьуп аофициалтә саит аҿы. Аусԥҟаҿ иара убасгьы рыхьӡ арбоуп Аахыҵ Уаԥстәыла, Австриа, Бельгиа, Бразилиа, Бырзентәыла, Испаниа, Италиа, Нидерланды, Германиа, Венгриа, ЕАА ртәылауаа –Ҟрымтәи ацҳа аргылареи, Донбасс алхрақәа рымҩаԥгареи, Керчтәи аӡыбжьахалаҿтәи ахҭыс ирылахәуп ҳәа ирыԥхьаӡаз.

Зынӡа Украина асанкциақәа аланагалеит 294 иуристтәи 848 хатәхаҿи рганахь ала.