Аԥснытәи абоксиор Ҳаџьараҭ Қардиа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит

Абокс азы Урыстәыла аԥхьахәгара мҩаԥысуан Анапа, хәажәкыра 16-22 рзы. Аиндаҭлара иалахәын 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Абокс азы Урыстәыла аԥхьахәгараҿы Аԥснытәи абоксиор Ҳаџьараҭ Қардиа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит

ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит 15 шықәса зхыҵуа аспортсмен иазыҟаҵаҩ Елызбар Џьологәуа.

"Ҳаџьараҭ Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала дықәгылон. Ишыжәдыруа еиԥш, Аԥсны ахьӡала ақәгылара акыр имариам. Актәи аԥшьбарак аҿы Чечниатәи аспортсмен дииааины афиналбжаҿы 2017 шықәсазы Европа ачемпионс иҟаз Андреи Павлиуков диҵахеит", - еиҭеиҳәоит азыҟаҵаҩ.

Џьологәуа иажәақәа рыла, Ҳаџьараҭ Қардиа дзықәшәаз агәыԥ иалахәыз аспортсменцәа зегьы рыҩаӡара ҳаракын. Ҳаџьараҭ зынӡа хԥа-хԥа раунд змаз хә-қәгыларак мҩаԥигеит.

Ахьтәы медалқәа жәохә: аԥснытәи абоксиорцәа Шәача қәҿиарала иқәгылеит