"Европа зегьы еидкыланы ҳалацәажәозар, Аԥсны зегь реиҳа ӡыла ибеиоуп. Аӡы анаҳҳәо, аӡиасқәа, аӡырԥхақәа, аӡҵәыҵәқәа уҳәа убрахь иаҵанакуеит. Иџьашьахуп, Аԥсны урҭ рнеиҩс ирацәоуп ишьҭоу асы, аҵааршә, асыԥсақәа. Аԥсны шьхатәылоуп, бжьымз-аамз иреиҳаны 700-800 метра аҳаракыраҿы асы шьҭоуп. Ари хәы змам акырӡа ицқьоу аӡы ҳәа иԥхьаӡоуп адунеи зегь аҿы. Ҳара уи ахархәара ҳамаӡам. Адунеи зегьы аиҳарак ӡыла икәыршоуп, аха ауаҩы иԥсҭазаара азы ихәарҭоу 1,5% ауп. Адунеи аҿы асыԥсақәа, аҵааршәқәа маҷхоит. Урҭ роуп зегь реиҳа ииашаны адунеи аҿы аԥсҭазаара аҭагылазаашьа зеиԥшроу узырбо. Иахьа ишьақәгылаз аԥхарра иахҟьаны урҭ есааира имаҷхоит, Аԥсынгьы уахь иаҵанакуеит. Аха иҟоуп даҽа ҷыдарак, ашьха илеиуа асы шьақәгылан иҟоуп, уи иаанаго апроцесс аиҭашьақәгылара маҷуп, избанзар ашьха асы бзианы алеира иалагеит, аха убри аан 20-30 шықәса раԥхьа иҟаз аҭагылазаашьа ыҟаӡам", - азгәеиҭеит Барцыц.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.