Сақаниа: ацәаӷәара ҳазыхиоуп, аха иҳадҵаало анхацәа маҷуп
© Sputnik
"Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҿы ацәаӷәара ҳалагахьеит, 100 гектарк рҟынӡа адгьылқәа аҭыԥ иқәаҳҵахьеит. 2500 гектар ҳцәаӷәартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп, атехника уи иазыхиоуп. 24 трактор аусура иҭыҵраны иҟоуп, дара дуқәоуп, ҽнак 25 гектар ацәаӷәартә иҟоуп, Аацы, Лыхны, Абгархықә, Хыԥсҭа, Дәрыԥшь уҳәа ақыҭақәа рзы. Урҭ рыдагьы, егьыс иҳамоу атракторқәагьы еиқәшәоуп. Араион аҿы иҳамоуп 20 қыҭа, урҭ рхадацәеи ҳареи ҳаиҿцәажәеит, доусы ианаамҭоу атехника раҳҭарц азы. Уажәы амшқәа злацо ала, иаауцәаӷәар, нас амра анақәыԥҳалак иҩоит. Убри аҟнытә макьана ацәаӷәаразы аҳәара ҟазҵо маҷҩуп", - азгәеиҭоит Сақаниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.