Ахԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны аҳауатә ҭагылазаашьазы азгәаҭақәа шыҟарҵо
© Sputnik
"Ихадоу агәаҭарҭатә ҭыԥқәа ҩба ҳамоуп: Аҟәа Алашарбага аҳаблаҟны, Гагра. Урҭ астанциақәа иҳарҭо адыррақәа еиҿҳарԥшуеит. Ҳара иаадыруеит аҳауатә ҭагылазаашьа аҽшаԥсахуа, амзызқәа, уи ҳхы иархәаны, убасгьы Урыстәылантәи иаҳзаауа ахсаалақәа еиҿырԥшны, азгәаҭақәа ҟаҳҵоит. Аԥсны ҵакырадгьылла ихәыҷуп, аха аҳауатә ҭагылазаашьа еиԥшӡам. Араҟа иазгәаҭалатәуп ганкахьала амшын анырра, ашьхақәа, амра аҽыҳаракышьа, ҩада - Атлантикантә аҳауа еилазаашьақәа рааишьа уҳәа", - лҳәеит Ахԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.