Ацәыргақәҵеи аспектакльқәеи: Аԥсны акультуратә хҭысқәа ҳазҭалаз амчыбжь азы

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны иӡырнагоит амчыбжь аҩнуҵҟа, хәажәкыра 25 - 31 рзы, имҩаԥысраны иҟоу атеатртә, афилармониатә уснагӡатәқәа, ацәыргақәҵақәа, аконцертқәа, акиносеансқәа.
Sputnik

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik


Аҳәынҭқарратә аԥсуа ҿартә театр

Аҿар ртеатр аҿы хәажәкыра 27 асааҭ 18:30 рзы иддырбоит аспектакль "Амбжьах лыбжьара".

Ацәыргақәҵеи аспектакльқәеи: Аԥсны акультуратә хҭысқәа ҳазҭалаз амчыбжь азы


Ацентртә цәыргақәҵатә зал

Хәажәкыра 5 – мшаԥы 5 рзы аус ауеит "Ааԥынтәи ацәыргақәҵа".

Ацәыргақәҵеи аспектакльқәеи: Аԥсны акультуратә хҭысқәа ҳазҭалаз амчыбжь азы

 

SKLAD

Хәажәкыра 26 асааҭ 19:00 рзы SKLAD аҿы иддырбоит акинофильм "Насыԥ змоу Лазарь" (Аличе Рорвахер).

Хәажәкыра 28-31 рзы аусура иалагоит апроект "Аҟәатәи аурбанисттә форум".
Хәажәкыра 28 - асааҭ 18:00 - 20:30.
Хәажәкыра 29 - асааҭ 15:00 - 20:30.
Хәажәкыра 30 - асааҭ 10:30 - 18:00.
Хәажәкыра 31 - асааҭ 10:00 - 15:00.


Гәылрыԥшь

Хәажәкыра 29 асааҭ 15:00 рзы Акультура ахан аҿы Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә атеатр иқәнаргылоит аспектакль "Мазлоу зегьы злоу". 


Гал

Хәажәкыра 30 - 31 асааҭ 14:00 рзы Акультура ахан аҿы ахәыҷқәа рзы амультипликциатә фильм ддырбоит.