Бароккои фандангои раамҭа: Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи Москва иқәгылеит

Ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа, асопраноқәа Кристина Ешԥҳаи Ианкелика Сушкова-Иринеи Москва еицықәгылеит хәажәкыра 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа музыкантцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи аконцерт "Шедевры эпох: орган, арфа, голос" рхы аладырхәит. Аконцерт мҩаԥысит Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториаҿы.

Лука Гаделиа Большои театр аҟны раԥхьаӡа акәны дықәгылеит

"Ақәгылара аԥхьа аҽазыҟаҵара хада мҩаԥаагеит. Ауарӷанқәа зегьы аки-аки еиԥшым азы, ибзианы уҽазыҟауҵароуп", - иҳәоит Гаделиа аконцерт аԥхьа.

Аконцерт аҿы иӡырган амузыка еиуеиԥшым ахырхарҭақәа. Актәи ахәҭа аатит барокко аамҭа иаҵанакуа амузыкала – Вивальди, Бах, Гендель рырҿиамҭақәеи "Аранхуэс" захьӡу аиспан композитор Родриго иконцерти.

Аҩбатәи ахәҭа шьақәгылан XX ашәышықәса амузыкеи аромантизм аамҭа амузыкеи, иара убасгьы Вагнер, Чаиковски уҳәа егьырҭгьы ркомпозициақәа рыла.

Лука Гаделиа ауарӷан аирҳәон, Ианкелика Сушкова-Ирина - арфа, Кристина Ешԥҳа аоркестртә кастаньетқәа рҿы дыхәмаруан.

Гаделиа иажәақәа рыла, Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториаҿ ақәгылара азыҟаҵара бзиа аҭахуп, избанзар амузыка бзианы издыруа аконсерватортә уаажәлар еизоит.