Ҳаџьымба: аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рыда ԥсыхәа ҳамам
© Sputnik
"Аԥсны аҭоурых аҿы ҳажәлар ршьала иаагоу ахәақәиҭреи ахьыԥшымреи азықәԥараҿы ирылдыршахьо рацәоуп ҳџьынџьуаа. Амҳаџьырра атрагедиа иахҟьаны иахьа аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны ианақәла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа егьырҭ атәылақәа рҿы инхо ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа рыбжьы ӷәӷәаны идыргеит. Аԥсуааи ачерқьес жәлари рыжәҩахыр еибыҭа иақәыӡбеит ари агрессиа. Уажәы, аамҭа ианеихсыӷь, ҳџьынџьуаа рганахьала ҳцәажәарақәа рҽырыԥсахит. Дазусҭазаалакгьы дахьынтәиаалакгьы, ҳдиаспора ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Избанзар, ҳарҭ шьала-дала еиларсу, еибаҭаху ҳауп. Ҳадгьыл ҳамацара ҳакәӡам изтәу, ҳадгьыл ҳашьцәа иахьа уажәраанӡагьы имаац иртәуп", - азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.