Ҵәыџьба "Ааԥынтәи ацәыргақәҵа" иазкны: аҿар русумҭақәа рацәахоит
© Sputnik
"Ааԥын иазку ацәыргақәҵа есышықәса асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿнакаауеит. Иара ишаԥу еиԥш ирацәаҩны аҿарацәа рхы аладырхәуеит. Тематикалеи жанрлеи аусумҭақәа еиуеиԥшым. Акомиссиа иалнахуеит баҩхатәралеи сахьаркыралеи зыҩаӡара ҳараку аусумҭақәа, дара роуп ацәыргақәҵахь инашьҭхогьы. Ацәыргақәҵаҿы ахәаԥшҩы игәаԥхаша аусумҭақәа, ҳәарада, иҟалоит", - азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.