АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Америка ахада Дональд Трамп Израиль аԥыза–министр Биниамин Нетаниаху иалахәрала Голантәи аҳаракырақәа Израиль ишатәу азы адекларациа напы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ари акыр жәашықәса уажәаԥхьа иҟалар акәын", - иҳәеит Трамп.
Уаанӡа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Голантәи аҳаракырақәа рыстатус аԥсахра ЕАР аӡбамҭақәа ӷәӷәала еиланагоит ҳәа.
Евроеидгыла адипломатиатә корпус аиҳабы Маиа Косианчич иазгәалҭеит Евроеидгыла Голантәи аҳаракырақәа Израиль иахәҭакны ишамыхәаԥшуа.
Голантәи аҳаракырақәа Шьамтәыла иахәҭакын 1967 шықәса рҟынӡа. Уи ашьҭахь арҭ аҳаракырақәа Израиль анапахьы иаанагахьан, аибашьрақәа ирылҵшәаны. Анаҩс, 1973 шықәсазтәи аидыслара ашьҭахь, еицеиқәшаҳаҭны аҩ-ҳәынҭқаррак рарбџьармчқәагьы алыргахьан. 1974 шықәсазы ЕАР аҭынчреиқәырхаратә ар алагалан. 2013 шықәсазы атеррористцәа аналала ашьҭахь, ЕАР рымчқәа арҭ адгьылқәа рҟынтәи иқәыргеит. 2018 шықәсазы Шьамтәыла Израиль иазааигәоу апровинциа Ель-Кунеитра анапахьы иаанагеит. Убри ашықәсазы ЕАР аҭынчреиқәырхаҩцәа ҩаԥхьа ари азона ахылаԥшра иалагеит.