Асҭамыр Барцыц Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысуеит ахаша, хәажәкыра 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ ишьақәнарӷәӷәеит Асҭамыр Барцыц Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟалара.

"13 шықәса асистемаҿ аус иухьеит. Аԥышәа ду имоуп. Аус рыциухьеит аҳәаанырцәтәи аделегациақәа. Аҭырқә бызшәеи англыз бызшәеи идыруеит", - ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр Барцыц икандидатура дахцәажәо Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкьиа.

Асҭамыр Барцыц диԥсахит 2012-2019 шықәсқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Асҭамыр Ахба.

Асҭамыр Барцыц диит 1982 шықәса рзы Гәдоуҭа. 2004 шықәса рзы атуризм азы Урыстәылатәи жәларбжьаратәи академиа далгеит. 2005 -2006 шықәсқәа рзы Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы аҟазауаҩ хада. 2006-2010 шықәсқәа рзы Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы ахылаԥшра-ревизиатә ҟәша аиҳабы.

2012 – 2014 шықәсқәа рзы Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы атуристтә ныҟәарақәа ршәарҭадара аҟәша аиҳабы.

2016 шықәса раахыс атуристтә усура ахылаԥшра аҭара аҟәша аиҳабы.