"Гагра" "Самырзаҟан" иаԥнагеит

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ажәбатәи атур мҩаԥысуан галтәи астадион аҿы ашьапылампылтә клубқәа "Гагреи" "Самырзаҟани" рыбжьара, хәажәкыра 26 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27– Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампылтә клуб "Гагра" "Самырзаҟан" иааԥнагеит 3:1 ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

"Актәи атаим аан гагратәи акоманда изныкымкәа ажәылара мҩаԥнагеит, галаа ракәзар еиҳарак рҽырыхьчон, аха аҩбатәи атаим аан "Самырзаҟан"  ахәмарра анапахьы иаанагеит. Ус шакәызгьы пенальти рхы ирзамырхәеит, ампыл рызҭамыршәит", - ҳәа иҳәоит  Федоренко.

44 аминуҭ азы гагратәи ахәмарыҩ Иури Чикиров ампыл амба иҭаиршәит. Аамҭақәак рышьҭахь Асҭамыр Цышба аҩбатәи ампыл ҭаиршәит. 65-тәи минуҭ азы галаа аҭак ҟарҵеит. Ампыл ҭаиршәит - Георги Џьаԥариӡе. Ааҵыхәтәантәи ампыл ҭеиршәит "Гагра" ахәмарыҩ  Рамин Барцыц.

Аашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иалахәын акомандақәа фба: "Нарҭ", "Гагра", "Риҵа" "Афон", "Самырзаҟан", "Динамо".