Гал ахада ажәадгала ҟаиҵеит анаркотикқәа здызкыло рзы ашьауӷатә хьырхәра алагалазарц

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысуеит хәажәкыра 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гал араион ахада Ҭимур Надараиа Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ажәадгала ҟаиҵеит ареспублика ашьауӷатә закәанеидкыла аԥсахрақәа алагалазарц анаркотик маҭәашьарқәа здызкыло ахаҿқәа рганахь ала.

Иара иазгәеиҭеит 2009 шықәсанӡа анаркотикқәа рыдкыларазы ашьауӷа аус шауаз, аха нас уи шыԥсахыз административтә хьырхәра рықәҵазарц ала.

Ареспублика ААР аминистр Гарри Аршба иазгәеиҭеит анаркоманиа ҳажәлар рҟны еиҳа ишәарҭоу, ихадоу проблеманы ишыҟоу, убри азы аус шадыруло урҭ рхьырхәра арӷәӷәаразы азҵаара.

"Ҳара иҳагәҭакуп азакәанԥҵаратә актқәа аԥсахрақәа рылаагаларц ахьырхәра еиҳа иӷәӷәахарц азы", - ҳәа иҳәеит иара.

Аршба игәаанагарала анаркоманиа иаҿагылазароуп Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыдагьы атәылауаа, ппарламентарицәа.