Британиатәи апарламент Brexit арыцхә ҿыц азы рыбжьы рҭиит

Британиа ду апарламент Brexit иаҵанакуа авариантқәа рааба рҟынтәи акгьы аднамкылеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Британиатәи апарламент Brexit арыцхә ҿыц азы рыбжьы рҭиит, атәыла мшаԥы 12 рзтәи аиқәшаҳаҭра ада Евроеидгыла ишалымҵуа азгәаҭаны.

РИА Новости адыррақәа рыла апарламентари Brexit иаҵанакуа авариантқәа рааба рҟынтәи акгьы рыдрымкылеит.

Британиатәи Апарламент аҽазныкгьы Brexit азы аиқәшаҳаҭра мап ацәнакит

Авариант – Британиа аҳазалхратә еидгыла иалахәны аҟазааразтәи Brexit азы рыбжьы рҭиит 264-ҩык апарламентарицәа. Уи иаҿагылеит – 272-ҩык. Ари авариант еиҳа изыдгыло ҳәа иԥхьаӡаны ашәахьаҽны имҩаԥысраны иҟоу аиҭабжьыҭираан еиҭахәаԥшыр алшоти.

Британиа аԥхьанатә Евроеидгыла иалҵраны иҟан хәажәкыра 29 рзы, аха атәыла аԥыза-министр Тереза Меи Евроеидгылахь аҳәара ҟалҵеит алҵра аҿҳәара инахарц.

Иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа рыла Британиа Евроеидгыла иалҵыр алшоит ма лаҵарамза 22 рзы–Меи ирыдыргалаз аиқәшаҳаҭра хәажәкыра 29 асааҭ 23.00 рзынӡа ирыдыркылар, ма мшаԥымза 12 рзы – абри аамҭанӡа аҽа еиқәшаҳаҭрак рыдымкылақәа иахьазы иҟоу аиқәшаҳаҭра рыдрымкылар.