Британиатәи Апарламент аҽазныкгьы Brexit азы аиқәшаҳаҭра мап ацәнакит

© REUTERS / Francois LenoirBrexit
Brexit - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәамзазы апарламент аиҳабыра ирыдыргалаз адокумент бжьеиҳала мап ацәыркхьан, ирландиатәи аҳәаа аганахь ала аԥсахрақәа аларгаларц.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Британиатәи Апарламент аҩашаҽны аҽазныкгьы Brexit азы Евроеидгылеи дареи рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра мап ацәнакит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аиқәшаҳаҭра иаҿагыланы рыбжьы рҭиит 391, адгылара арҭеит - 242 парламентари.

Ажьырныҳәамзазы апарламент аиҳабыра ирыдыргалаз адокумент бжьеиҳала мап ацәыркхьан, ирландиатәи аҳәаа аганахь ала аԥсахрақәа аларгаларц. Ашәахьаҽны Британиа аԥыза-министр Тереза Меии Еврокомиссиа ахада Жан-Клод Иункери аҳәамҭа ҟарҵеит аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа шаларгалаз азы, аха Британиа апрокурор хада Џьеффри Кокс арҭ аԥсахрақәа рзиншьаҭа азхом ҳәа иазиԥхьаӡеит.

Меи аҳәамҭа ҟалҵеит аиқәшаҳаҭра мап ацәкхар, ахашаҽны Еврокомиссиа ақәшаҳаҭрада хәажәкыра 29 рзы апарламентарицәа атәыла Евроеидгыла ишалҵуазы рыбжьы рҭиуеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0