Арадио

Какалиа: арасеи ацитрус шәырқәеи рҭагылазаашьа зынӡа уарҵәыуартә иҟам

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа ахаша аиҳабыра реилатәараҟны еиҭеиҳәеит ацитрустә шәырқәеи арасеи еиуеиԥшым ачымазарақәа рацәыхьчаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik

"Ижәдыруеит апты ақыҭанхамҩа ааха ӷәӷәа шанаҭаз. Аха аҟазацәа ражәақәа рыла аҽаҩра цәгьамызт 34 нызқь тонна ыҟан. Ари ашықәс азы араса инадҳәаланы аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп. Ҵыԥх 80-90 процент рҟынӡа аҽаҩра бжьысит. Ҵыԥхгьы ахәшә ақәҭәан, аха алҵшәа амаиуит, избанзар азнеишьа ҽакала иаҭахын. Апты инадҳәаланы ахәшә ақәҭәара апрограмма зда ԥсыхәа амамкәа иҟоу ауп. Аха уи ахәшә ақыҭанхамҩаҟны аԥырхагагьы ахьыҟанаҵо инамаданы, напыла апты аизгара рылаҳәан. Сынтәатәи ашықәс азы уи аусмҩаԥгатә быжь-миллон мааҭ азоужьуп, араионқәа рҟны апты аизгара еиҿкаауп", - иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит иааиуа ашықәсқәа рзы аҵиаақәа рганахьала ачымазарақәа рхыԥхьаӡара даҽа ԥшьы-хкык рыцлоит ҳәа адырра шрымоу. Аминистр иазгәеиҭеит анхаҩы ицхраара иазку апрограмма ҷыдала азнеишьа шаҭаху.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.