Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада лхаҭыԥуаҩ лыҩны арҭҟәацга ԥжәеит

Аԥжәара ҟалеит Кәтол ақыҭан, ашьыжь, асааҭ 8:30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада лхаҭыԥуаҩ Надежда Воуԥҳа лыҩны арҭҟәацга ԥжәеит Кәтол ақыҭан, ашьыжь, асааҭ 8:30 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла арҭҟәацга ԥжәеит Кәтол ақыҭан, ашьыжь, асааҭ 8:30 рзы, Воуаа рыҩны. Ахәра зауз Агәыӡератәи арратә госпиталь ахь днагоуп.

"Ахәра зауз аоперациа лызууп, лызшьапык ҿыхуп. Уажәы лыԥсҭазааразы шәарҭара ыҟам", - ҳәа рҳәоит агоспиталь адкыларҭатә хәҭаҿы.

Аҭыԥ аҿы аус руеит аексперт- криминалистцәа ргәыԥ.

Азинхьчаратә усбырҭақәа ахҭыс иадҳәалоу ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.