Азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәа аилацәажәара мҩаԥыргеит

Аиԥылараан ирзааҭгылан аусбарҭақәа рхатәы еилазаара алахәылацәа амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәа инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит аминистрра аофициалтә саит.

Аиԥылара иалахәын агәабзиарахьчара аминистрра, Аҵара аминистрра, Атранспорт азы аҳәынҭеилакы, аҿартә политиказ Аҳәынҭеилакы рхаҭарнакцәа, Жәлар реизара адепутат.

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа еиҳа ишәарҭоу аҟәатәи амҩақәа рыӡбахә аҳәеит

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба иазгәеиҭеит ААР аусзуҩцәа реиҳараҩык рхатә транспорт шрымоу, убри инадҳәаланы аҭакԥхықәра шрыду, рганахь ала азинеиҿкаара еиҳа ишазыԥшу.

Ареспублика аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба далацәажәеит амҩатә ԥҟарақәа реилагара аҭыԥ ирымоу атәы, еизаз ирзеиҭеиҳәеит апроектқәа "Безопасный город"; "Безопасная трасса" аԥсҭазаараҿы ишаладырҵәо атәы.

Аминистр ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ААР аусзуҩцәа инарываргыланы атәылахьчара аминистрра, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, ахьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа амҩаҿ азинеиҿкаара ахьымҩаԥырго азы.

Аилацәажәараҿы иазыԥхьагәарҭеит амҩатә ԥҟарақәа реилагаҩцәа ралыԥшааразы ареидтә уснагӡатәқәа, ирылацәажәеит аинформациа-рҵаратә программақәеи аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы амҩатә шәарҭадаразы апрактикатә зыҟаҵарақәеи рыларҵәара азҵаара.