Аминистрцәа Реилазаараҿы акурорттә сезон иалацәажәеит

Аминистрцәа Реилазаараҿы Аиҳабыра алахәылацәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа акурорттә сезон иалацәажәеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит сынтәатәи акурорттә сезон инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәа аилацәажәара мҩаԥыргеит

Аилацәажәара атема хаданы иҟан акурорттә инфраструктура аҿиара, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы авокзал аиҿкаара, атуристцәа рымҩаԥгаразы атранспорт азин ҷыда амазаара рызҵаарақәа.

Валери Бганба азхьаԥшра аиҭеит атуристтә маршрутқәа ршәарҭадара аиҿкаара, иазгәеиҭеит уи аҭакзыԥхықәу аилазаарақәа ирылдыршар шакәу.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба еизаз ирзеиҭеиҳәеит напхгара зиҭо аусбарҭа аҽазыҟаҵара ишалагахьо.

"Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аструктуратә ҟәшақәа Аԥсны аԥсшьараз аԥҟаррақәа атуристцәа дырдырра иазырхо апроект аус адулара иаҿуп. Апроект иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсныҟа апутиовкақәа зҭиуа Урыстәылатәи атуристтә маҵзурақәа зелектронтә версиа рзынашьҭхо ардыргақәа рҭыжьра", - ҳәа иҳәоит Аршба.

Уи адагьы арҭ ардыргақәа атурист аҳәаа данахыс инаркны инапаҿы иҭахоит.