Анаркотикатә маҭәашьар рылазырҵәо ашьра рықәҵара алагалоуп

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәиу реизараҿы Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла аԥсахра аларгалеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рсессиаҿы анаркотикатә маҭәашьар рылазырҵәо рзы ашьра аларгалеит. Апарламент адепутат Дмитри Дбар иаԥшьгамҭоу азакәан апроект иколлегацәа идирдырит Валери Агрба.

"Рырбаандаҩра, амаҵзура ҭыԥқәа рҟны аусура азин аҟамҵара, аштраф ашәара инарываргыланы иазыԥхьагәаҭоуп ԥсраҽнынӡа аҭакреи иреиҳаӡоу ахьырхәра – ашьра. Ишыжәдыруа еиԥш 2007 шықәса рзы ашьра мап ацәкын, аха Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа алазгало рзы уи хацырктәны иазыԥхьаӡоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Атәыла ахада Жәлар реизараҿы ихаҭарнак Дмитри Шамба игәаанагарала, азакәан апроект аҿы иарбоу зегь аус рымур алшоит.

"Иаҳҳәап, ахәҭаҷ 224. Ари ахәҭаҷ инақәыршәаны аштраф аҩаӡара шьҭыхуп 600 000 мааҭ инаркны миллионки 200 нызқьмааҭ рҟынӡа, ахақәиҭра алхәыдатәра акәзар: 12 шықәса инаркны 15 шықәса рҟынӡа иҩахоуп. Апрактикаҿ уи аус шԥаури?", - ҳәа дҵаауеит иара.

Адепутатцәа азакәан апроект ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Азинмчы аиуеит официалла ианыркьыԥхьлак ашьҭахь.