Арадио

Ҷыҭанаа Кәыдрытәи аиҩхааҿы апарк азы: аҭыԥантәи аԥсабара ахьчара иацхраауеит

Кәыдрытәи аиҩхааҿы амилаҭтә парк аԥҵара уа иҟоу аԥсабара ахьчара иацхраауеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Sputnik
Ҷыҭанаа Кәыдрытәи аиҩхааҿы апарк азы: аҭыԥантәи аԥсабара ахьчара иацхраауеит

"Амилаҭтә парк аԥҵара ҳзазгәышьуаз, иҟаз аҭагылазаашьа арҽеиразы акәын. Аиҩхааҿы дыҟоуп аекологиа аҟнытә ҳхаҭарнак, аха аӡәы ихала абри зегьы илаԥш ахызааит ҳәа аҳәара иашам. Аиҩхааҿы аԥсабарахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа шхьысҳау ҳаргьы иаадыруан. Аԥсыӡкраҿы, ашәарыцараҿы, абнаҭгараҿы азакәанқәа ирҳәо шеилагаз ҳдыруан. Абарҭ раԥыхразы ауп апарк аиҿкаара нап зарку. Наҟ-наҟ сақәгәыӷуеит, уаҟа иҟало хазы анапхгара, аусзуҩцәа, ахьчаҩцәа, абна ахылаԥшцәа рыбзоурала абарҭ иахьа излацәажәо аилагарақәа Кәыдрытәи аиҩхааҿы имаҷхап ҳәа", - азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.