АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мшаԥы 4 рзы имҩаԥысыз абрифинг аҿы Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аполигон аргылара 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны аҿиаразы Аинвестициатә программа ишаҵанакуа.
"2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны аҿиаразы Аинвестициатә программала аполигон аргылара иазоужьхоит 120 миллион мааҭ аԥара. Лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоуп Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара. Аԥаразоужьра шаамҩаԥгахалак апроекттә усурақәа хацыркхоит", - иҳәоит иара.
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иажәақәа рыла, агәамсам аус еиҭадырулалоит, убри аан хаз-хазы еихыршалоит.
Аԥыза-министр иҳәеит араионтә полигонқәа рыргылара азҵаара 2017-2019 шш. рзтәи Аинвестициатә программаҿгьы ишалацәажәаз.
"Аха, Гагра араион ада егьырҭ араионқәа рҿы аполигонқәа ахьыҟарҵаша аҭыԥқәа алрымԥшааит. Аҭыԥ шьақәмыргылакәа аргыларақәа рыҟаҵара узалагаӡом. Иҟоу апроблема аӡбаразы полигонк ҳазхаӡом", - иҳәеит Бганба.
Уи адагьы аԥыза-министр далацәажәеит Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа аҭагылазаашьа.
"Уахь уажәы амҩа ҿыц ҟаҵоуп, агәамсам ахьҭарԥсо ажра дуқәа жуп. Аҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа ҳгәыӷуеит, аха аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аиааира амҩаду аҿы инхо ауааԥсыра агәамсам мҩанызго амашьынақәа рыҩнқәа ирывсыр рҭахым", - иҳәеит иара.
2018 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы Алашарбага араион аҿы имҩаԥган араион ауааԥсыра ракциа. Дара адҵа ҟарҵеит агәамсамкажьырҭа аркызарц.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аполигон аҽарҭбааит. Уажәы иара аҵакыра 60 гектар иҟоуп. Алашарбага араион, Ажәытә ҳабла, Араион ҿыц, Гәымсҭа ақыҭа рҟны инхо ауаа афҩыцәгьа раҳауеит. Акциа ҩымш имҩаԥысуан.
Ԥхынҷкәын 4 рзы Рауль Ҳаџьымба абри азҵаара аӡбаразы аусмҩаԥгатә инапы аҵеиҩит.
Иара убасгьы Аԥсны ахада адҵа ҟаиҵеит Гәылрыԥшь араион аҿы ацрыҵ кьакьақәа рзы адгьылҭыԥ алхзарц.