Хабарда ибжьаӡыз ирызку афотоцәыргақәҵа Аԥсны имҩаԥыргараны иҟоуп

Хабарда ибжьаӡыз ирызку Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак амобилтә фотоцәыргақәҵа Аԥсны араионқәа рҟны имҩаԥгахоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку афотоцәыргақәҵа "Ҳазыԥшуп" Аԥсны араионқәа рҟны имҩаԥгахоит мшаԥы 12 инаркны лаҵара 3 рҟынӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак амиссиа ахада Максим Забалуев.

Акоммунист партиа архив аҿы иԥшаан хабарда иӡыз аԥсуаа рыхьӡқәагьы

Аекспозициа шьақәгылоуп 30 фотосахьа рыла.

"Ацәыргақәҵа "Ҳазыԥшуп" ҳәа ахьӡаҳҵеит, избанзар хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи иахьанӡагьы иԥшуп. Ҳара урҭ рхьаа еилаҳкаауеит, иҳалшогьы ҟаҳҵоит уи хаҳҽырц азы. Ацәыргақәҵаҿы ҳара ҳазыԥшуп абри апроблема алацәажәара", - иҳәоит амиссиа ахада.

Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак амиссиа ахада ихаҭарнак Борис Казанба иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп Аԥсны ауааԥсыра аилак аусура ралархәра.

Амобилтә цәыргақәҵа официалла иаартхоит Аҟәа, Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҿы мшаԥы 12 рзы. Мшаԥы 15 рзы Гәылрыԥшь араион ахь ииаргоит, мшаԥы 22 рзы – Гал араион аҿы, мшаԥы 25 рзы – Тҟәарчал, мшаԥы 29 – Гагра, лаҵара 2-3 рзы Гәдоуҭа идырбахоит.