Арадио

Кәарцхьиаԥҳа: ақыҭанхамҩатә хәшәтәрақәа ҭышәныртәалам рҳәеит Ауаажәларратә палатаҿы

Ақыҭанхамҩаҿы иҟоу апроблемақәа ирылацәажәеит ахәаша, мшаԥы 5 рзы Ауаажәларратә палатаҿы. Аԥхасҭа ду ҟазҵо ахәаҷақәа ирҿагыланы ақәԥара излацәажәаз азҵаарақәа иреиуан ҳәа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аҟны акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Sputnik
Кәарцхьиаԥҳа: ақыҭанхамҩатә хәшәтәрақәа ҭышәныртәалам рҳәеит Ауаажәларратә палатаҿы

"Аминистр Амиран Какалиа еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты азҵаара аӡбаразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы. Иҳәеит Аԥсны ахәшәқәа рыла ишеиқәшәоу, аха макьана ахәшәтәра аамҭа шымааиц. Абесалом Кәарҷиа (Ауаажәларратә палата аекономикатә еилакы аҟәша алахәыла, анаплакҩы - аред.) иазгәеиҭеит иахьазы ииашамкәа ишымҩаԥырго урҭ аусқәа (ахәшәтәрақәа - аред.). Ишдыру еиԥш, ақыҭанхамҩа аминистрра мацара акәӡам амармалташьтә пты аҿагылара азҵаара зҳасабуа, иҟоуп иҳацхраауа Урыстәылантәи аҟазацәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа. Абесалом Кәарҷиа излазгәеиҭаз ала, ари азҵаара аҭыԥ ишақәнагоу иқәҵаӡам, досу русурақәа нарыгӡоит, еидгыланы ари азҵаара рҳасабуа иҟам. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит иҟоу аҭагылазаашьа уахәаԥшыр. Ҵыԥх лаҵарамзазы амармалташьтә пты иаҳа имаҷын цәыббрамзазы аасҭа. Уи зхылҿиааз, ахәшәтәрақәа шаҟантә имҩаԥгаз, насгьы ианба уҳәа азҵаарақәа дрылацәажәеит. Иҳәеит азҵаара ишахәҭоу аӡбаразы зегьы рымч шеидыркылаша", - азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.