Ахәмарра уадаҩ: "Нарҭи" "Самырзаҟани" Галтәи ашьапылампыл адәаҿы

Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVI ачемпионат ахԥатәи аикәшара иатәу ахәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи "Нарҭи" Галтәи "Самырзаҟани" рыбжьара Галтәи ашьапылампыл адәаҿы асабша, мшаԥы 6 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи "Нарҭ" 3:0 ҳәа иаиааит Галтәи "Самырзаҟани" иареи рыхәмарраан. Абри атәы Аԥсны ашьапылампылтә лига ахада Витали Федоренко Sputnik акорресплндент изеиҭеиҳәеит. Уи ахәмарра оумакала ицәгьан иҳәоит иара.

"Ари ахәмарра ахьымҩаԥысуаз адәы ахаҭабзиара бааԥсын, уи азы ашьапылампыласыҩцәа ирылшоз зегьы рзаадмырԥшит. Аиндаҭлара ӷәӷәа ҟалеит, акырынтә иааихеит, аилагарақәа маҷмызт. Аҩкомандак рзы иԥышәара духеит", - азгәеиҭоит Федоренко.

Амба хымпылк ҭадыршәит актәи азбжазы. Урҭ рахьтә ҩба Шабаҭ Логәуа иҭаиршәит, ахԥатәи ампыл - Гьаргь Жанаа.