"Уажәшьҭатәи апремиа иаҵанакуа аамҭа 2016, 2017 , 2018 ашықәсқәа рзы акьыԥхь збахьоу, хаз шәҟәны иҭымҵзаргьы, ажурналқәа "Амцабз", "Алашара", "Аҟәа" рҿы аԥсышәала иҩу мацара аҩымҭақәа. Апремиа рылаҳәоуп ххырхарҭак – апроза, апоезиа, адраматургиа аҿы иҩуа, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы мацара аҩымҭақәа аԥызҵо рыбжьара. Хымԥада, аицлабара ҟалоит, аиндаҭлара ҟалоит, ус еиԥш иҟоу ашәҟыҩҩцәа рҩымҭақәа рацәаны иадыргалоит, аха хырхарҭак аҿы усумҭак ауп изауа. Акомиссиа маӡалатәи абжьыҭирала еиҳау абжьы зауз ауп апремиа занашьахо. Ара иҟаӡам ақәратә категориа. 2020 шықәса рзы иҟалоит апремиа анашьара", - азгәеиҭеит Ашәба.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иазгәеиҭеит Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа 50 000 мааҭ шызыԥҵәоу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.