Арадио

Ченгьелиа игәалаиршәеит "Нарҭаа" Венгриа "Ахьтәы Таташь" ишаԥсахаз атәы

45 шыкәса раԥхьа абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" Венгриатәи аицлабраҟны рықәгыларазы иранашьан "Ахьтәы Таташь". Уи ахҭыс шыҟалаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа.
Sputnik
Ченгьелиа игәалаиршәеит "Нарҭаа" Венгриа "Ахьтәы Таташь" ишаԥсахаз атәы

"Венгриа мшаԥымза 3 рзы ҳнеит. Абыргцәа сцәааԥсар ҳәа сшәон аҟнытә, аҽазыҟаҵарақәа рҿы еснагь ирасҳәон "иахьоуп аус злоу", "иахьоуп ҳхы аныдҳарбаша" ҳәа. Даргьы џых-џыхӡа, хәарҭәаԥшь рымамкәа иҟан, иаԥсыуаамзи! Аҩи ауадкеи ҳацын, аха шәықәгылаанӡа шәалакьысыр ҟалаӡом ҳәа расҳәеит. Ашьыжь ашәыр аахәара ҳцеит аџьармыкьахь. Асааҭ быжьба рзы ҳақәгыларан ҳаҟан аҟнытә, уаанӡа ҳаԥсы ҳшьон. Ахәылбыҽха ҳҽааибаҳҭан, ҳаҽҳархиеит. Сара асценахь снеир ҟалаӡомызт, дара инықәланы акәашарагьы иаалагон еиԥш азал аҿы итәаз зегьы гыланы анапеинҟьара иалагеит. Ҩ-номерк азырхианы иҳаман, асцена аҟны 5 минуҭк роуп ҳахьыҟаз, ҳаалганы ҳҭыԥ ахь ҳнеит, шьҭа алҵшәақәа ҳарзыԥшыр акәын. 22 ҳәынҭқарра ахьықәгылаз рыуа иаиаауа адырра цәгьоуп. Ус иҳацыз аурыс ԥҳәыс сыхьыӡ ҳәаны ҿылҭуеит "ҳара ҳаиааит!" ҳәа. Усҟан зегьы ҳгәыдибакыло, ҳгәырӷьаҵәа, иҟаҳҵара ҳаздыруамызт. Абас еиԥш иҟалеит ари ахҭыс", - игәалаиршәоит Ченгьелиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.