Дбар еиҭеиҳәеит аевкалипт ԥырхага азҭо ахәаҷамаҷа ҿыц ахьынӡашәарҭоу атәы
© Sputnik
"Ари ахәаҷа даара иссоуп, миллиметрк ауп иамоу аура, иԥыруеит, амҵәыжәҩақәа амоуп, акәҭаӷь анаҵалак иахылҵуа ахәаҷа абӷьы иалалоит, усҟан абӷьы аԥхасҭахара иалагоит. Ахәаҷа шьҭрала Австралиантәи иаауеит, аевкалиптгьы уаҟоуп иахьатәу. Адунеи аҿы аевкалипт ахьыҟоу иахабалак ари ачымазарагьы ыҟоуп, абӷьы мацара ауп иарҩо, иазгәаҭан иҟоуп иалкаан ҵаҟатәи амахәҭақәа шракәу иаҳа изчычоу. Аҵла анычмазахалак, абӷьы аԥштәы аԥсахуеит, аӡыршы ақәырҭәазшәа, иблызшәа иҟалоит. Аҵлақәа ахимиатә хәшәкәа рыла иухәышәтәыр ҟалоит, аха ишаԥу еиԥш аевкалипт ахьеиҭаҳау ауаа рыԥсы ахьыршьо аҭыԥқәа рҿы ауп, убри аҟнытә ашәарҭара ыҟоуп ауаа ирԥырхагахоит ҳәа", - азгәеиҭеит Дбар.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.