Арадио

Логәуа: араионқәа зегь рҿы абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа заа иалԥшаалатәуп

Араионқәа рҿы асахьаҭыхразы арҵаҩцәа разымхареи арҿиаратә студиақәа рыҟамзаареи уҳәа ицәырырго ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ААУ аҟазара аҟәша аиҳабы Нугзар Логәуа.
Sputnik
Логәуа: араионқәа зегь рҿы абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа заа иалԥшаалатәуп

"Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы ахәыҷқәа иаҳа ианыхәыҷу инаркны рҽахьазыҟарҵо астудиақәа ыҟоуп, убри аҟнытә ахәыҷы дшыхәыҷу дадрыԥхьалоит асахьаҭыхра. Гәдоуҭа иаартуп центр заҵәык, ахәыҷқәа ахьазыҟарҵо, уи иабзоуроу рацәоуп, уахьынтә ААУ аҟазара аҟәша аҭалара иаауа рацәаҩуп. Очамчыреи Тҟәарчали ус еиԥш ирымаӡам, уажәы Гәылрыԥшь ахәыҷкәа ахьныҟәало студиак аартра алыршахеит. Ус егьырҭ араионқәа рҟны иаҳзыҟаҵозар ҳәа ҳаҿуп. Ахәыҷы ашкол алгарахь даннеи, иара дҭышәынтәалахьеит ҳәа иԥхьаӡоуп, иалихуа азанааҭ иӡбахьеит, усҟан асахьаҭыхрахь ихьарԥшра цәгьоуп. Ҳзанааҭ злаҟоу ала, абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа ралԥшаара ҳалагароуп заа. Ҽа уадаҩроуп - ашколқәа рҟны асахьаҭыхразы арҵаҩцәа рыҟамзаара, дара шаҟа уҭаху ҳара ААУ аҿы иалҳаргоит, аха ауалафахәы аҟамзаара иахҟьаны ус еиԥш арҵаҩы иштат аартым, убри аҟнытә ҷыдала, хаҭа-хаҭала ахәыҷқәа алҳамԥшаалар, аҟазарахь зхы зырхаша ҟалаӡом", - азгәеиҭеит Логәуа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.