Аԥснытәи атхеквондистцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит

Тхеквандо азы Ҟәбина ҿыц араион аҿы иаарту аиндаҭлара иалахәын аԥснытәи аспортсменцәагьы. Аиндаҭлара хыркәшан мшаԥы 7 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи атхеквондистцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ныркылеит тхеквандо азы Ҟәбина ҿыц араион иаарту аиндаҭлараҿ ҳәа ааицҳауеит азыҟаҵаҩ Ҭемыр Барцыц.

Аԥснытәи акоманда иагеит актәи аҭыԥқәа ааба, аҩбатәи аҭыԥқәа хԥа, ахԥатәи аҭыԥқәа ааба.

"Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Инали Дамири Смыраа, Леонард Кериан, Исмаил Аиба, Аита Қардаа, Енвер Оҭырба, Руслан Хамалиан, Арсени Цвох. Аҩбатәи аҭыԥқәа – Самир Бадиа, Данаҭ Барцыц, Гарик Текнеџьиан. Ахԥатәи аҭыԥқәа – Леон Аиба, Андреи Багариан, Даниил Ӡкәиа, Данил Сариан, Едуард Текнеџьиан, Сергеи Гаспариан, Ерик Барцыц, Александр Ҭраԥшь", – иҳәоит Ҭемыр Барцыц.

Аԥснытәи аспортсменцәа 19-ҩык рахьтә зегьы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ааныркылеит.

"Ҳара ари аиндаҭлара ҳҽазыҟаҳҵон. Даарагьы ҳалҵшәақәа бзиахеит", - иҳәеит Барцыц.

Аԥснытәи атхеквондистцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит

Тхеквандо азы Ҟәбина ҿыц араион иаарту аиндаҭлара иалахәын аԥснытәи аспортсменцәагьы. Аиндаҭлара хыркәшан мшаԥы 7 рзы. Зынӡа аиндаҭлара иалахәыз рхыԥхьаӡара 180-ҩык ыҟан.