Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Ҟрым азы аибашьра адокументқәа ӡырнагеит

Асовет ар Ҟрым ахақәиҭтәразы аоперациа хацдыркит 75 шықәса раԥхьа, мшаԥы 8 1944 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Ҟрым азы аибашьра иазку адокументқәа ӡырнагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, атәылахьчара аусбарҭа асаит адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аԥсны 8 нызқьҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит

Ҟрымтәи ажәыларатә операциа мҩаԥыргон Украинатәи аԥшьбатәи афронти хаз игоу Приморсктәи ари. Аоперациа хыркәшан лаҵара 12 рзы. Шьаҭанкыла иҭархан Германиа 17-тәи архәҭа.

Акьыԥхь ахь ицәыргоу адокументқәа уаанӡа ирмаӡан, изоур зылшоз хыԥхьаӡарала имаҷӡан. Урҭ реиҳарак Севастополь, Симферополь, Судак, Керчь, Иалта рхақәиҭтәраз ажәыларақәа ирызкуп.

"Аматериалқәа еилыкка иудырбоит Ҟрым ахақәиҭтәразы аибашьра заҟа цәыӡ ацыз, Асовет ар ркомандаҟаҵара заҟа хшыҩзышьҭрала ажәыларақәа еиҿыркаауаз, Гитлер ир рзы ари адгьылбжьахала анапаҿы аагара иамаз аҵакы шаҟа идууз", - аҳәоит адырраҭара.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Афганисҭантәи адокументқәа амаӡара рыхнахит>>

Аминистрраҿы иазгәарҭеит арҭ адокументқәа ркьыԥхьра, рӡыргара хықәкыс иамоу аҭоурых аиҭакра алмыршароуп ҳәа.