Аԥсны 8 нызқьҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект "Возвращение имени" аӡыргара мҩаԥысит.
Апроект Возвращение имени аӡыргара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Возвращение имени" аӡыргара мҩаԥысит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс центр аҟны лаҵарамза 22 рзы.

АҞӘА, рашәарамза 22- Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Апроект "Возвращение имени" аӡыргара мҩаԥысит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс центр аҟны, уи автор Григори Скворцови аинформациатә партниор Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазбеи алархәны.

Апроект азкуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡыз аԥсуаа рыхьыӡқәа аԥшаара.

"Ари апроект азкуп агәаларшәара, хықәкыла Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан хабарда ибжьаӡыз аԥсуаа. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага ноиабр мзазы 1941 шықәсазы афашисттә Германиа иҭҟәаны ирыман аурыс ир аҟынтә ҩ-миллионк инарзынаԥшуа асолдаҭцәа, урҭ  рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуаа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы. Асиақәа еихыршәшәаны аҳәара уадаҩуп, избан акәзар анемеццәа имҩаԥыргоз ақәнамгарақәа аӡәы идырыр ҳәа ишәаны ирҵәахуан", — ҳәа иҳәеит апроект автор Григори Скворцов.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду Аԥснынтә иалахәын 55 нызқь-ҩык, урҭ рахьтә хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоуп аа-нызқь ҩык.

"Аибашьра адәаҟны хабарда ибжьаӡыит ҳәа иԥхьаӡоуп аа-нызқь ҩык аԥсуаа. Уи иаанаго акоуп, дара рыуа-рҭынха рхабар рзымдыруа иҟоуп иахьа уажәраанӡа, убри ауп ари апроект аиҿкаара сзалагазгьы. Ҳара ҳапроект хықәкыс иамоуп дара рыхьыӡқәа ашьақәыргылара, рыуацәа рҳадгәынқәа рахь ргара. Иахьынӡалшо асиақәа рышьақәыргылара. Сара снапаҟны иааиз адокументқәа рыла 320-ҩык роуп хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоу. Урыстәылатәи архив аҟны ус ауп ишарбо. Ҳхықәкы анагӡара ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа ациҵеит иара.

Григори Скворцов иажәақәа рыла, иҟоу асиақәа рыла аибашьцәа рҭынхацәа рыԥшаара, акыр аџьабаа ацуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукПК по проекту «Возвращение имени».
ПК по проекту «Возвращение имени». - Sputnik Аҧсны
ПК по проекту «Возвращение имени».

"Аԥсны шдуумгьы араҟа ирацәоуп ақыҭақәа, џьара-џьара иуадаҩзаргьы ҳхықәкы анагӡара, сара сеигәырӷьоит иахьымҩаԥысуа ари апроцесс. Иаҭахыуп, иҟаҵатәуп, инагӡатәуп ари апроект ҳәа иазызыԥхьаӡо зегьы иҭабуп", — иҳәеит Скворцов.

Ари апроект аинформациа аларҵәараз ацхыраара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны. Уи анапхгаҩы Инал Лазба иажәақәа рыла, ари акырӡа зҵазкуа усуп.

"Ҳара ҳазыхиоуп ари апроект аҩнуҵҟа иҟоу аинформациа зегьы, авидео, афото, асиақәа асаит аҟны аарԥшра. 75 шықәса ҵуеит аибашьра алагеижьҭеит, уи аахыс хабарда ибжьаӡыз рыӡбахә аӡәгьы инҭкааны иҭыимҵаацт, уи аус аҟны ари апроект акырӡа ицхыраагоуп ", — ҳәа иҳәеит Лазба.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду алагеижьҭеи 75 шықәса аҵра амш аҽны апроект раԥхьатәи ахәҭа дырбахоит Аԥсуа телехәаԥшра аканал ала. Апроект "Возвращение имени" аусура напы аркын шықәсык уажәаԥхьа.

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0