Аевкалиптқәа ирԥырхагоу ахьычԥаԥыр цәырҵит Аԥсны

Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭаҿы ицәырҵит аевкалиптқәа ирԥырхаго ахьычԥаԥыр.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аевкалиптқәа ирԥырхагоу ахьычԥаԥыр- афелинус цәырҵит Аԥсны ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

"Ахьычԥаԥыр зԥырхаго аҵла абыӷьқәа, амахәқәа аӡыршы рықәҭәоушәа иҟалоит. Аԥхьа иргыланы илаҟәу амахәқәа роуп аԥырхага зауа. Аҵла дуқәа ԥхасҭа рацәа роуам аха рыҿиара аанкылахоит. Иҿоу аҵлақәа ракәзар иԥхасҭахоит, иҭахоит", - ҳәа иҳәоит Роман Дбар.

Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭаҿы ицәырҵит аевкалиптқәа ирԥырхаго ахьычԥаԥыр. Изԥырхагахаз аевкалипт ҵлақәа Гагра ақалақь аҿы ирбахьеит. Аԥсны аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла афелинус хәышықәса раԥхьа Шәача ицәырҵит. Иара уахь инанагеит аиҭаҳатәқәа ирыланы.

"Ахьычԥаԥыр хәыҷӡоуп, миллиметрак еиҳам. Аиҳарак аԥша иацноуп ишыԥыруа. Ареспублика зегьы амҽханакыр алшоит ҩба-хԥа шықәса рыла", - ҳәа иҳәоит Дбар.

Афелинус, дара аевкалиптқәа реиԥш Австралиатәуп. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса адунеи зегьы аҽахьнагӡеит. Дбар ишиҳәо аала ахимиатә ҿагылара алшоит аха уи Аԥсны иуадаҩхоит. Ара аевкалиптҵлақәа акыр иҳаракуп.

Романа Дбар игәаанагарала зегьы раасҭа алҵшәа ҟанаҵар алшоит афелинус аԥсабаратә ҿагылара азҭо "аӷа".