Brexit азы ирулак азакәан апроект рыдыркылеит

Британиа ду аиҳабыра Brexit аҿҳәара анахара дҵаны ирызҭо азакәан апроект акралԥҳәыс лсанкциа аиуны изакәануп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Британиатәи апарламентарицәа атәыла аиҳабыра иуалԥшьаны ирыдырҵеит Brexit аҿҳәара анахаразы Евроеидгылаҿ ирыҳәарц, еиқәышаҳаҭрада Евроеидгыла иалымҵырц азы.

Тереза Меи Brexit аҿҳәара инахарц аҳәара ҟалҵеит

Абри азакәан апарламент апалатақәа аҩбагьы ирыдыркылеит, нас акралԥҳәыс лсанкциа аиуит ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Адокумент авторцәа ргәаанагарала азакәан апроект иалнаршоит еиқәышаҳаҭрада Евроеидгыла алҵра аҽацәыхьчара.

Атәыла ахада Тереза меи аҳәамҭа ҟалҵеит Бриуссель ахь аҳәара шыҟалҵо дедлаин Brexit аҿҳәара мшаԥы 12 аҟынтәи инахаразы.

Мшаԥы 12 рзы Британиа Бриуссель иаднагалар ауп ауснагӡатәқәа рыплан ма иара убри аҽны аилазаара ааннажьроуп.