Тереза Меи Brexit аҿҳәара инахарц аҳәара ҟалҵеит

© REUTERS / VINCENT KESSLERБританиа абираҟ
Британиа абираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиа Ду аԥыза-министр Тереза Меи Евроеидгылахь аҳәара ҟалҵеит Brexit аҿҳәара еиҭанахарц азы.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Британиа Ду аԥыза-министр Тереза Меи Евроеидгылахь аҳәара ҟалҵеит Brexit аҿҳәара мшаԥы 12 инаркны рашәара 30 рҟынӡа инахарц. Абри азы Меи ашәҟәы налышьҭит Евроеидгыла ахада Дональд Туск иахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Акция сторонников Brexit в Лондоне - Sputnik Аҧсны
Британиатәи апарламент Brexit асценари аҽазныкгьы иазышьақәмыргылеит

Убри аан лара иазгәалҭеит Британиа Евроеидгыла алҵра апроцесс хымԥада ишынанагӡо, аха атәыла апарламентарицәа Brexit азы аиқәшаҳаҭра атекст шрызмырхиац атәы лҳәеит.

Меи Туск агәра илыргеит Британиа Европарламент ахь алхрақәа ишрылахәымхо азы.

Уаанӡа, хәажәкыра 29 рзы Апарламент ахынтә раан мап ацәнакит Тереза Меии Евроеидгылеи реиқәшаҳаҭра.

Мшаԥы 12 рзы Британиа аԥхьаҟатәи аплан Евроеидгыла иазынанашьҭыр ауп, мамзаргьы уи аҽны аилазаара ннажьроуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0