Аԥсны араионқәа рҿы еихыршоит амармалташь пты ықәызго ахәшә

Аԥсныи Урыстәыла ақыҭанхамҩаз рминистррақәа реиқәышаҳаҭрала ахәшә Аԥсныҟа иаагоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амармалташь пты ақәгаразы 4000 литра рҟынӡа ахәшә Аԥсны араионқәа рҟны еихыршоит ҳәа Sputnik иазаанацҳаит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра апресс-маҵзура.

Ақыҭанхамҩа аминистрра апты аҿагыларазы быжь-миллионк ршәара иазыхиоуп

Аусбарҭа адыррақәа рыла ахәәш ареспубликахь иаагоуп Аԥсни Урыстәыла ақыҭанхамҩаз рминистррақәа реиқәышаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны.

Амармалташь пты Аԥсныҟа иқәнагалеит хәышықәса раԥхьа. Иара иаарласны иахыҵәеит. Аиҳарак аԥырхагара рнаҭоит ауҭраҭыхқәа ашәырқәа. Аԥсны ауаажәларратә палата адыррақәа рыла 2017 шықәса рзы 70 процент арасеи 50 процент амандаринақәеи амармалташь пты иахҟьаны иԥхасҭахеит.

2019 шықәса жәабран 27 рзы аԥыза-министр Валери Бганба Аԥсны ақыҭанхамҩатә культурақәа аԥхасҭа рызԥо амармалташь пты ақәгара иазырхо ауснагӡатәқәа рзы ақәҵара инапы аҵеиҩит.

Уи инақәыршәаны аусутә гәыԥ аԥҵан, ауааԥсыра аԥара рызшәара еиҿкаан. Аминистрцәа реилазаара аӡбрала кьылак амармалташь пты ахәԥса ҳәа зықьмааҭ ақәҵоуп.