Кәыр-иԥа еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҟынтәи агәамсам ақәгаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу
© Sputnik
"Иахьа Гобечиа имҩаду аҟны, автонхамҩа иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы агәам аизгара ҳаҿуп. Уажәшьҭа бжьымш ҵит, аҭыԥ ҳамаӡам, ишаҭаху агәамсам ақалақь аҟынтәи иаҳзықәгаӡом. Даҽа мышкы- ҩымш раҟара ҳус наҳагӡоит", - иҳәеит Кәыр-иԥа.
Иара ицәажәараҟны агәыӷра ааирԥшит аҳҭнықалақь аҟынтәи иқәырго агәамсам ахькарыжьша азҵаара лассы иӡбахап ҳәа.
Ҳаџьымба агәамсам еизакырҭақәа рзы: рҭагылазаашьа акыр ибааԥсуп
Арҭ амшқәа рзы Аҟәа Алашарбага аҳаблаҟны инхо ауааԥсыра ақәгыларақәа мҩаԥыргоит агәамеизакырҭа аркразы. Мшаԥы ааба рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба урҭ дырԥылеит, иҳәеит азҵаара аӡбаразы шықәсыбжак иназынаԥшуа аамҭа шаҭаху.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.