Ҳаџьымба агәамсам еизакырҭақәа рзы: рҭагылазаашьа акыр ибааԥсуп

© Sputnik / Илона ХварцкияСухумская свалка
Сухумская свалка  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи ипресс-конференциаҿ Рауль Ҳаџьымба далацәажәеит ареспубликаҿ агәамсам еизакырҭақәа рҭагылазаашьа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Макьаназ агәамсам аусеиҭадуларатә зауад аргылара алшоны иҟам иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи ипресс-конференциаҿ, ԥхынҷкәын 25 рзы.

Взятка. - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны акоррупциа аҭагылазаашьазы: ахаангьы иузықәгом

"Аԥара рацәа аҭахуп асеиԥш иҟоу азауад аргыларазы. Шәача ақалақь аҿы иалацәажәоит аекологиатә система еилазымго азауад аргыларазы 22 миллиард мааҭ аҭахуп ҳәа", - иҳәоит аҳәынҭқарра ахада.

Абри зегьы инадҳәаланы Гәылрыԥшь араион аҿы иалагоит аусурақәа аполигон ҿыц аартразы.

"Урыстәылатәи агани ҳареи ҳаилацәажәеит. Ҳара ҳалшарақәа рыла ҽааны ҳалагоит аусурақәа. Иааҳхәоит атехника агәамсам ахьырхьын иҵхны аҭыԥ ахь анагаразы", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла ахада иҳәеит ареспубликазы агәамсамеизакырҭа аполигонқәа рпроблема шҿыцым.

"Атема ҿыцым. Абарҭ ашықәсқәа зегьы рзы арҽеира ҳҭахын аха иалҵуамызт. Асовет аамҭақәа рзы иаԥҵаз аполигонқәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп зехьынџьара. Атехника ҳамоуп, аконтеинерқәа ааҳхәеит аха уи зегь азхом", - иҳәеит иара.

Аҟәатәи агәамкажьырҭа апроблема далацәажәо ахада иҳәеит аԥаразоужьра шымҩаԥго. Уажә иҟоу аҭагылазаашьа шеиҭакхогьы азгәеиҭеит.

Абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ала ҳуааԥсыра рыбжеиҳараҩык еиқәыршәоуп

Ааигәа Алашарбага араион аҿы имҩаԥган араион ауааԥсыра ракциа. Дара адҵа ҟарҵеит агәамкажьырҭа аркызарц.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аполигон аҽарҭбааит. Уажәы иара аҵакыра 60 гектар иҟоуп. Алашарбага араион, Ажәыәт ҳабла, Араион ҿыц, Гәымсҭа ақыҭа рҟны инхо ауаа афҩыцәгьа раҳауеит.

Ԥхынҷкәын 4 рзы Рауль Ҳаџьымба абри азҵаара аӡбразы аусмҩаԥгатә инапы аҵеиҩит.

Иара убасгьы Аԥсны ахада адҵа ҟаиҵеит Гәылрыԥшь араион аҿы ацрыҵ кьакьақәа рзы адгьылҭыԥ алхызарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0