Аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭа анадыркуа арыцхә шьақәырӷәӷәоуп

Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь аҿы абзазаратә црыҵ кьакьақәа рыҵәахра азҵаарақәа инарыдҳәаланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара алкаақәа инарықәыршәаны Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркуеит 2019 шықәса абҵарамза 30 рзы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Аԥсны агәамсам апроблема аӡбра рҭахуп

Абҵара 30 2019 шықәса рҟынӡа иргыланы, ахархәарахь ирыҭахоит еихшо абзазаратә црыҵ аҵәахырҭа полигон ҳәа азгәаҭоуп апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Адырраҭараҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп аполигон аргылараз аԥаразоужьра азҵаара иалацәажәараны иҟоуп 2019 шықәса лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсни Урыстәылеи Риеҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҟны.

Аполигон аргылара, аекологиатә, агиодезиатә, агидрологиатә, агеологиатә ҭҵаарақәагьы абрахь иналаҵаны фымз рҟынӡа иадхалоит.